Елене Хоштариа  -  Иахьа абра амандатқәеи апарламент аҿы аҭыҧқәеи рзы акәаӡам ҳазгылоу, ҳара зхы иақәиҭу алхрақәа ҳарзықәҧоит
Елене Хоштариа  -  Иахьа абра амандатқәеи апарламент аҿы аҭыҧқәеи рзы акәаӡам ҳазгылоу, ҳара зхы иақәиҭу алхрақәа ҳарзықәҧоит

 

Иахьа абра амандатқәеи апарламент аҿы аҭыҧқәеи  рзы акәаӡам ҳазгылоу,  ҳара зхы иақәиҭу алхрақәа ҳарзықәҧоит,  — илҳәеит   «Европатәи Қырҭтәыла»  аҟынтә амажоритартә депутатразы акандидат Елене Хоштариа Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуа акциаҿы данықәгылоз.

Ақырҭуа оппозициа,  апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа ирыдҳәаланы апротест ҟарҵоит. Аоппозициатә партиақәа Қырҭтәыла апарламент аҧхьа амитинг мҩаҧыргоит. Аоппозициатә партиақәа дара ироуз амандатқәа мап рцәыркын,  аҿыц администрациа ала аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәоит.