Елене Хоштариа лҳәамҭала, аоппозициаа алхрақәа рҽаламхәразы еиқәшаҳаҭхар, лара амлашьра даҟәыҵуеит
Елене Хоштариа лҳәамҭала, аоппозициаа алхрақәа рҽаламхәразы еиқәшаҳаҭхар, лара амлашьра даҟәыҵуеит

Ҳара еилкаам амҩеихысырҭаҿ ҳгылоуп. Убри амшалоуп адәахьы ауаа змаҷхаз,  ауаа ҳара имҩаҧааго ақәҧара хықәкыс иамоу рзеилкаауам, — илҳәеит «Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алидерцәа иреиу Елене Хоштариа апрограмма «Полит-Қалақи» азы ианылҵаз аинтервиу аҿы.

«Сара аоппозициаа рҟынтә аӡә ашантаж абызшәала сиацәажәар сҭахым. Ажәлар ҳақәҧара зызку цқьа ирдыруазароуп. Абри ауп аоппозициаа рҟынтә избар исҭаху», — илҳәеит Елене Хоштариа.

Апрограмма амҩаҧгаҩ Елене Хоштариа длазҵааит — «Аоппозициаа, еиқәшаҳаҭны, алхрақәа рахь ҳцом ҳәа рҳәар, амлакра шәаҟәыҵуама?» —   «Ааи» – илҳәеит Хоштариа.

«Алхрақәа рҿы аманипулиациақәа анымҩаҧысуаз аетап ҳахысит. Атәыла анапхгара алхрақәа рҵакы иаҧырхит. Дара зеиҧшҟамлац ала ирҭахуп аоппозициаа алхрақәа рхы рыладырхәырц», — илҳәеит Елене Хоштариа.