Леван Иоселиани - Елене Хоштариа Жәлар рыхьчаҩ иаппарат ахаҭарнак иҧыларазы мап лкит
Леван Иоселиани - Елене Хоштариа Жәлар рыхьчаҩ иаппарат ахаҭарнак иҧыларазы мап лкит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ  Леван Иоселиани иҳәамҭала, иацы иаанкылаз апартиа  «Дроа» алидер Елене Хоштариа Жәлар рыхьчаҩ иаппарат ахаҭарнак иҧыларазы мап лкит.

Иоселиани ишиҳәаз ала, иацы Кахеҭи имҩаҧгаз акциаан иаанкылаз ауааҧсыра ибеит аомбудсмен ихаҭарнак.

«Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа аханатәгьы ари апроцесс иалахәын, ишыздыруа ала,  17ҩык аанкылоуп, ҳхаҭарнакцәа ирызнеихьеит,  Хоштариа ҳҧыларазы мап лкит. Иаанкылоу ауааҧсыра рзинқәа рыхьчаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Иоселиани.