Елене Хоштариа доурыжьҭит
Елене Хоштариа доурыжьҭит

Аоппозициатә партиа  «Дроа» алидер Елене Хоштариа лхы дақәиҭуп. Лара заанаҵтәи абаандаҩтәра аизолиатор дҭыҵхьеит.

«Кахеҭи иҟалаз анызба, азинхьчаҩцәа рхы шымҩаҧыргоз анызба, ҳәарада уахь сдәықәлеит.  Сыбла ишабоз, аполициа аиҳабы адукатцәеи активистцәеи мчыла ахыбра идәылигеит, убри амшала сиҿагылеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, зхатә тәылауаа ирҿагыланы Лавров дзыхьчо аполициа иахәҭоу аҭак роуеит. Иара уи ихәҭан, избанзар, итәылауаа дырҿыгалына Лавров дихьчон», — илҳәеит Елене Хоштариа.

Лара лажәақәа рыла, аусеилыргаҩцәа аус рыцура лгәы иҭам.

«Аусӡбара аус ацызуам, избанзар, уи аусӡбарҭа акәымкәа, асанкциақәа ззышьақәыргылоу  «аклантә» гәыҧуп, рызынтәгьы раҳаҭыр ласырҟәыр сҭахым,  аха, асистема ҳасабала уи атәцәа рсистемоуп. Сара аӡбарҭахь анеиреи, ахараҧса ашәареи сгәы иҭам», — иҳәеит Елене Хоштариа.

Аоппозициатә партиа  «Дроа» алидер Елене Хоштариеи активистцәеи иацы иаанкылан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҭаацәара алахәалацәа Қырҭтәылаҟа раара иадҳәаланы имҩаҧысуаз апротесттә акциаҿы.