Елена Зеленскаиа – Украина имҩаҧысуа аибашьра ҳтәыла адгылаҩцәа рзы аекономикатә анырра цәгьа амоуп, аха, абританцәа аҧара анырыҧхьаӡо аамҭазы, украинаа иҭахаз ауаа рыҧхьаӡоит
Елена Зеленскаиа – Украина имҩаҧысуа аибашьра ҳтәыла адгылаҩцәа рзы аекономикатә анырра цәгьа амоуп, аха, абританцәа аҧара анырыҧхьаӡо аамҭазы, украинаа иҭахаз ауаа рыҧхьаӡоит

«Украина имҩаҧысуа аибашьра ҳтәыла адгылаҩцәа рзы аекономикатә анырра цәгьа амоуп, аха, абританцәа аҧара анырыҧхьаӡо аамҭазы, украинаа иҭахаз ауаа рыҧхьаӡоит», — илҳәеит Украина актәи аледи Елена Зеленскаиа.

Елена Зеленскаиа ишылҳәаз ала, Украина адгылара шаҟа иҕәҕәахо аҟара  акризис  алҵразы имаҷны аамҭа аҭаххоит.

Ажурналист Лаур Кенсберг Зеленскаиа длазҵааит  Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала аенергохархәагақәа рзы ахәқәа рышьҭыҵра иадҳәаланы ауадаҩрақәа ирҭагылаз Британиа ауааҧсыра иралҳәар илҭахи ҳәа.

«Аҭагылазаашьа шыцәгьоу здыруеит, аха, ишәгәаласыршәар сҭахуп акоронавиус апандемиа аангьы ахәқәа шдууз.  Украинагьы ахәқәа рыцлеит, аха, аамҭакала, ҳхылҵ ршьуеит. Убри аҟынтә, ишәасҳәар исҭаху акоуп, шәара шәҧара анышәыҧхьаӡо, ҳаргьы аҧара ҳаҧхьаӡоит, аха, уи аамҭазы, иршьыз ҳхылҵ рхыҧхьаӡарагьы ҳаҧхьаӡоит», — илҳәеит  Елена Зеленскаиа.