ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, 5 миллионҩык иреиҳаны ихҵәацәахеит
ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, 5 миллионҩык иреиҳаны ихҵәацәахеит

Ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иофис аинформациала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, 5 миллионҩык иреиҳаны ихҵәацәахеит.

ЕАР аҳасабырба инақәыршәаны, жәабран 24 инаркны 5 012 708-ҩык украинатәи ауааԥсыра (атәыла ауааԥсыра 12.1%) тәыла иқәҵит.

ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иофис аинформациала, ахҵәацәа реиҳара Польша ииасит, Словениа, Венгриа,  Румыиа, Молдова, Урыстәыла, Беларус. Ахҵәацәа рҟынтә 90% аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп.