ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит ҩмиллионҩык иреиҳаны
ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит ҩмиллионҩык иреиҳаны

ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит ҩмиллионҩык иреиҳаны. Ари атәы ааицҳаит Ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар  Филиппо Гранди.

Ахҵәацәа рыбжеиҳара Польша ииасит, 140000-ҩык иреиҳаны – Словакциа, 190 000-ҩык иреиҳаны – Венгриа, 80 000-ҩык иреиҳаны, 100 000-ҩык рҟынӡа – Урыстәыла, 500-ҩык рҟынӡа -Беларус.

Филиппо Гранди иажәақәа рыла, ари Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Европа аҵакырадгьыл аҿы зегьы реиҳа ирласны изызҳауа ахҵәаратә кризисуп.