Дональд Трамп идгылаҩцәа рахь ажьырныҳәа 6 рзы аизара ду шымҩаԥырго наицҳаит
Дональд Трамп идгылаҩцәа рахь ажьырныҳәа 6 рзы аизара ду шымҩаԥырго наицҳаит

ЕАШ ахада Дональд Трамп идгылаҩцәа ажьырныҳәа 6 рзы аизара ду шымҩаԥырго ааицҳаит.

Асоциалтә каҭа «Твиттер» аҿы Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭала, иара идгылаҩцәа Вашингтон мҩаԥгахоит.

Трамп идгылаҩцәа уи апрезиденттә алхрақәа рҿы даҵахеит ҳәа иазхарҵом.

Дональд Трамп ишааицҳаз, алхрақәа рҿы апрезиденттә алхрақәа рҿы иара аиааира шиигаз ашаҳаҭгақәа цәыригоит.

Ажьырныҳәа 6 рзы ЕАШ аконгресс асенати ахаҭарнакратә палатеи ԥхынҷкәын 14 рзы имҩаԥгаз алхратә коллегиа аҵәҭаԥсара алҵшәақәа аофициалла шьақәдырӷәӷәароуп.  Аколлегиа шьақәнарӷәӷәеит ЕАШ, абҵаразы имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа раан аиааира Џьо Баиден шиигаз.