Дональд Трамп 300 миллиард адоллар рыхә китаитәи аалыҵ атарифқәа ақәҵаразы адҵа ҟаиҵеит
Дональд Трамп 300 миллиард адоллар рыхә китаитәи аалыҵ атарифқәа ақәҵаразы адҵа ҟаиҵеит

 

Дональд Трамп 300 миллиард адоллар рыхә китаитәи аалыҵ атарифқәа ақәҵаразы адҵа ҟаиҵеит.  Америкатә медиа адыррақәа рыла, аҧсахрақәа амч роуеит лаҵара 13 инаркны.

Уаанӡа, Аҩны шкуакуа алидер уажәтәи атарифқәа реизырҳаразы адҵа ҟаиҵеит. Араҟа  10 наӡына рцынхәрас 20 наӡына аҟынӡа атариф ззышьҭырхыз  200 миллиард адоллар рыхә киаитәи аалыҵ ауп излацәажәо.

Аҿыц тарифқәа рзышьақәыргылоуп америкатә џьармыкьа иалагалоу китаитәи атехникеи, амаҭәеи, ашьаҵеи, афатәаалыҵи.

Дональд Трамп ари аӡбара идикылеит Китаи аганқәа реиқәшаҳаҭра аилагара анахараиҵа ашьҭахь. Аамҭакала,  Вашингтон,  Америкеи Китаи рыбжьара ахәаахәҭратә еибашьра аҭыҧқәҵара амзызла,  ҩымштәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧысит,  аха урҭ алҵшәа рхылымҵит. Дональд Трамп ишиәҳаз ала,  ҳаҧхьаҟагьы адискуссиақәа нарыгӡоит.