Китаи иаҭакны Америка атарифқәа азышьақәнаргылоит
Китаи иаҭакны Америка атарифқәа азышьақәнаргылоит

Китаи иаҭакны Америка атарифқәа азышьақәнаргылоит. Ари иазгәаҭоуп Китаи Аҳәынҭқарратә хеилак атарифтә комиссиа аҳәамҭа аҿы.

«Акәтыжь, арыца, аџьықәреи, абамба 15%-тәи абаџь рықәҵахоит. Акәац, аҳәажьы, амшынаалыҵ, ашәыр, ауҭраҭызқәа, ахш аалыҵ  -10%-тәи абаџь”, – иазгәаҭоуп Китаи Аҳәынҭқарратә хеилак атарифтә комиссиа аҳәамҭа аҿы.

Хәажәкыра 4 инаркны Америка китаитәи аалыҵқәа 10 проценттәи атарифқәа ҩынтәны ишышьҭнахуа аҳәамҭа ҟанаҵеит.