Дональд Трамп иҳәамҭала, ажьырныҳәа  20 рзы амчра амадара ацеремониа мҩаҧысуеит
Дональд Трамп иҳәамҭала, ажьырныҳәа  20 рзы амчра амадара ацеремониа мҩаҧысуеит

Америка уажәтәи ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, ажьырныҳәа  20 рзы амчра амадара ацеремониа мҩаҧысуеит. Трамп иҳәамҭа алаирҵәеит асоцмедиа азҵаарақәа рзы  ицхырааҩ  Ден Скавино.

«Абжьыҭира алҵшәақәа сышрықәшаҳаҭымгьы,  ажьырныҳәа  20 рзы,  азакәан инақәыршәаны,   амчра амадара ацеремониа мҩаҧысуеит. Сара еснагь исҳәалон азакәантә мчы змоу абыжьқәа мацара шыҧхьаӡатәу. Аҭоурых аҿы идуӡӡоу раҧхьатәи апрезиденттә аҿҳәара нҵәеит,  аха ҳара  Америка еиҭах идуӡӡоу ҳәынҭқаррас  аҟаҵаразы ақәҧара ҳалагоит», — заявил Трамп.

Ажьырныҳәа  7 рзы,  Аконгресс аҿы аӡырҩрақәа анымҩаҧысуаз аамҭазы,   Трамп идгылаҩцәа мчыла Капитоли ахыбра иҩналеит. Уи аҽны Алхыҩцәа рколлегиаҿ имҩаҧгаз абжьыҭира алҵшәақәа шьақәдырҕәҕәон. Аилаҩынтәра амшала аилатәара аанкылан. Вашингтон акоменданттә сааҭ рыларҳәеит.

Аилаҩынтәра аан иҭахеит ҧшьҩык ауааҧсыра.