Дональд Трамп  - Китаи ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра еиланагеит
Дональд Трамп - Китаи ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра еиланагеит

Дональд Трамп иҳәамҭала, Китаи ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра еиланагеит.  Америка ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Флорида идгылаҩцәа данырҧылоз.

Трамп иажәақәа рыла, Китаи,  уаанӡа иззеиқәшаҳаҭхаз ҭагылазааашьақәа рынагӡаразы мап акит.

„Урҭ атарифқәа рбахьеит. Аиқәшаҳаҭра иаҧырхит.   Китаи авице-аҧыза даараны дыҟоуп. Дара аиқәшаҳаҭра иаҧырхит,  убри аҟынтә,  ашәара рықәшәоит. Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳамҵаргьы, ҳтарифқәа рыла уезгьы шықәсык ала  100 миллиард адоллар ҳауеит“, – иҳәеит Дональд Трамп.

Ахәаахәҭра азҵааразы Америкеи Китаи реиҿцәажәрақәа иахьа имҩаҧысраны иҟоуп.