Дмитри Песков – Украина атанкқәа аҭара ала мраҭашәаратә атәылақәа аимак алахәылацәас иҟалеит
Дмитри Песков – Украина атанкқәа аҭара ала мраҭашәаратә атәылақәа аимак алахәылацәас иҟалеит

«Украина атанкқәа аҭара ала мраҭашәаратә атәылақәа аимак алахәылацәас иҟалеит », — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри  Песков.

«Европатәи атәылақәеи Вашингтони рҟынтә еснагь иҳаҳауеит Украинаҟа еиуеиҧшым бџьартә системақәа рдәықәҵара – абарҭ атәылақәа, мамзаргьы Аҩадаатлантикатә алианс Украина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланагалоит ҳәа иаанамгоушәа.   Ҳара ари агәаанагара ҳақәшаҳаҭым.  Зыӡбахәы ҳәоу атәылақәеи алианси иҟарҵо зегьы Москва иахәаҧшуеит аимак аҽалагалара ҳасабала. Ари апроцесс есааира ишыҭбахо аабоит», — иҳәеит  Песков.

Ишыжәдыуа еиҧш, иаха Германтәыла аканцлер   Олаф Шольц ааицҳаит Германтәыла Украинаҟа ишдәықәнаҵо   Leopard 2  14 атанкқәа, иара убас, ахҧатәи атәылақәагьы атанкқәа рдәықәҵаразы азин шрырҭо. Уи абзоурала, Украина аиуеит  80 раҟара атанкқәа  Leopard 2. Иара убас, Америка ахада иаха  иҟаиҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Америка Украинаҟа  идәықәнаҵоит  M1 Abrams  31 атанкқәа.