Дмитри Песков – Уаҵәы «аҵакырадгьыл ҿыцқәа Урыстәыла аилазаарашҟа ралалара иазку аиқәшаҳаҭрақәа» анапаҵаҩра мҩаҧысуеит
Дмитри Песков – Уаҵәы «аҵакырадгьыл ҿыцқәа Урыстәыла аилазаарашҟа ралалара иазку аиқәшаҳаҭрақәа» анапаҵаҩра мҩаҧысуеит

Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла аилазаарашҟа ралалра иазку аиқәшҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩуеит уаҵәы, цәыббра  30 рзы, Кремль. Ари атәы ааицҳаит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков.

Пескова иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩуеит аҭыҧантәи  аамҭала асааҭ  15:00 рзы.  Ацеремониаҿы дықәгылоит Владимир Путин.

Иара убас, Урыстәыла ахада, Афедералтә аизарашҟа ааҧхьара ҟаиҵоит.

Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла, импыҵахалоу украинатәи аҵакырадгьылқәа рҿы  — Донецктәи, Лугансктәи, Херсонтәи, Запорожтәи атәылаҿацәқәа рҿы, Урыстәыла алалара азҵааразы ареферендум мҩаҧнагеит.

Украинеи уи апартниорцәеи  «ареферендумқәеи» урҭ рылҵшәақәеи азхарҵом.