Дмитри Песков - Нато арҭбаара Урыстәыла ашәарҭадареи амилаҭтә интересқәеи ацәгьара рзуроуп, ҳшәарҭадара ахьчаразы аҭак ҟаҳҵароуп
Дмитри Песков - Нато арҭбаара Урыстәыла ашәарҭадареи амилаҭтә интересқәеи ацәгьара рзуроуп, ҳшәарҭадара ахьчаразы аҭак ҟаҳҵароуп

Кремль аҟны ишырыԥхьаӡо, Нато арҭбаара Урыстәыла ашәарҭадареи амилаҭтә интересқәеи ацәгьара рзуроуп.

Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Песток Финлиандиа алианс алалара дахцәажәеит.

„Кремль аҟны ишырыԥхьаӡо, ари аҭагылазаашьа арцәгьара ахылҵуеит. Нато арҭбаара Урыстәыла ашәарҭадареи амилаҭтә интересқәеи ацәгьара рзуроуп. Уаҳа ԥсыхә ҳамам, аҭак ҟаҳҵароуп“, –иҳәеит Песков.

Песков иажәақәа рыла, Финлиандиа алианс алалара Москвеи Хельсинкии реизыҟазаашьақәа арцәгьоит.

„Алианс Урыстәыла иаҩызам аиҿкаароуп, Урыстәылатәи афедерациа аӷас аԥхьаӡоит“, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ.

Иахьа, Финлиандиа Нато 31-тәи алахәылас ҟалеит.