Дмитри Песков – НАТО аҭынчрачаҧаҩцәа  Украинаҟа рдәықәҵара - цқьа изызхәыцым ишәарҭоу шьаҿахоит
Дмитри Песков – НАТО аҭынчрачаҧаҩцәа Украинаҟа рдәықәҵара - цқьа изызхәыцым ишәарҭоу шьаҿахоит

НАТО аҭынчрачаҧаҩцәа  Украинаҟа рдәықәҵара – цқьа изызхәыцым ишәарҭоу шьаҿахоит,  – иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

«Ҳаруааи НАТО аруааи изакәызаалак реимадара зыриашара ҟамло алҵшәа ахылҵыр ауеит», — иҳәеит  Песков.

Украина аҵакырадгьыл аҿы аҭынчрачаҧаратә миссиа аргылара аинициативала уажәааны дықәгылеит Польша авице-аҧыза Иарослав Качиньски. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Польшеи, Словениеи, Чехиеи,  Украинеи рлидерцәа реиҧылара ашьҭахь.

Польша ари аинициатива ацәырагара агәы иҭоуп хәажәкыра 24 рзы Бриуссель имҩаҧысуа НАТО асаммит аҿы.