Дмитри Песков ишааицҳаз, Украина аҭыԥ змоу аимак аҿы агәыцәтә бџьар ахархәаразы аҿыҵга иҟам
Дмитри Песков ишааицҳаз, Украина аҭыԥ змоу аимак аҿы агәыцәтә бџьар ахархәаразы аҿыҵга иҟам

Атәыла аҟазаара ашәарҭа ҭагылар, Урыстәыла усҟан агәыцәтә абџьар адырхәоит; Украина аҭыԥ змоу аимак аҿы агәыцәтә бџьар ахархәаразы аҿыҵга иҟам, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ателеканал PBS аинтервиу аҿы.

„Украина иҷыдоу ҳарратә операциа хықәкқәа гәыҩбарада наҳагӡоит. Ҳара иҳамоуп ашәарҭәадаратә концепциа,   уи инақәыршәаны, Атәыла аҟазаара ашәарҭа ҭагылар, Урыстәыла усҟан агәыцәтә абџьар адырхәоит”, – иҳәеит Песков.