Дмитри Песков шьақәирӷәӷәеит арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ҩымз шацырҵаз
Дмитри Песков шьақәирӷәӷәеит арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ҩымз шацырҵаз

Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков шьақәирӷәӷәеит арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ҩымз шацырҵаз.

„Урыстәыла аӡбарала Амшынеиқәатәи арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иҵегьы  ҩымз ацырҵеит. Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Еари рхаҭарнакцәа рҟны аиҿцәажәарақәа рҿы ақәҿиарақәа иубарҭоуп”, – иҳәеит Песков.

Ҵыҧх, ҧхынгәы азы, ЕАР-и, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Украинеи Стамҧыл рнапы аҵарҩит украинатәи амшынеиқәатәи абаҕәазақәа рҟынтәи арыц аекспорт аиҭашьақәыргылара иазку аиқәшаҳаҭра, аха,  2022 шықәса жәабран азы, урыстәыла-украинатәи еибашьра ианалага, аиқәшаҳаҭра аанкылан. Хәыжәкыразы Украинеи Урыстәылеи рыбжьара “ачарыц изкә аиқәшаҳаҭра” аҿҳәара 120 мшы ацынхәрас  аҿҳәара 60 мшы рҟынӡа иацҵан.