Дмитри Песков Цхинвалтәи арегион Урыстәылатәи Афедерациа алалара иазку ареферендум аиуристтә ус еилахәа дахцәажәоит

«Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа алалара ала ицәырҵуа аиуристтә ус еилахәа рхала рыӡбароуп», — «Интерфакс» аинформациа ала ари атәы ааицҳаит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

“Урыстәы́ла алалара – азҵаара абас иқәгылан. Ара аиуристтә ус еилахәа цәырҵуеит. Урыстәылеи даҽа тәылеи аидҵара рылшом, ари ҟалар, даҽа ҳәынҭқарра аԥҵазоит. Ицәырҵуеит аиуристтә ус еилахәа”, – иҳәеит Песков.

“Ари азҵаара ҳазааҭгылахьеит. Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа алалара ала ицәырҵуа аиуристтә ус еилахәа рхала рыӡбароуп”, – ааицҳаит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ .