Урыстәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа - Ареферендцм амҩаԥгара иазкыз Аахыҵ Уаԥстәыла ԥасатәи ахада иԥшьгара Москвантә ақәшаҳаҭра амамызт, убри аҟынтә уи аԥыхра ииашоу аӡбароуп
Урыстәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа - Ареферендцм амҩаԥгара иазкыз Аахыҵ Уаԥстәыла ԥасатәи ахада иԥшьгара Москвантә ақәшаҳаҭра амамызт, убри аҟынтә уи аԥыхра ииашоу аӡбароуп

Ареферендцм амҩаԥгара иазкыз Аахыҵ Уаԥстәыла ԥасатәи ахада иԥшьгара Москвантә ақәшаҳаҭра амамызт, убри аҟынтә уи аԥыхра ииашоу аӡбароуп, – ааицҳаит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак.

Мариа Захарова лажәақәа рыла,”ареферендум азҵаара адеталтә анализ азутәуп“.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, урыстәылатәи аган Урыстәылатәи Афедерациеи Аахыҵ Уаԥстәылеи иашьҭареи аинтеграциа амҩақәа рыхәаԥшразы, Аахыҵ Уаԥстәыла аган аҟны аконсультациақәа рымҩаԥгара азыхиоуп.

Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион де-факто ахада Алан Гаглоев, Урыстәылаҟны аконсультациақәа ихыркәшаанӡа, Урыстәыла алаларазы “ареферендум” амҩаԥгара ақәҵара ааникылеит.