Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥсадгьыл зцәымӷу аԥсахҩцәа Урыстәыла ахынҳәра зин ахаан рырымҭароуп
Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥсадгьыл зцәымӷу аԥсахҩцәа Урыстәыла ахынҳәра зин ахаан рырымҭароуп

Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥсадгьыл зцәымӷу аԥсахҩцәа Урыстәыла ахынҳәра зин ахаан рырымҭароуп.

Ари атәы Медведев “Телеграмм” аканал аҿы иҩит. Медведев иажәақәа рыла, абри еиԥш атәылауаа ауаажәлар рӷацәас иԥԥьаӡатәуп, рыхныҟәгага рымхтәуп.

„Аԥсадгьыл зцәымӷу, уи аҵахара зҭаху аԥсахҩцәа Урыстәыла ахынҳәра зин ахаан рырымҭароуп, абри еиԥш атәылауаа ауаажәлар рӷацәас иԥԥьаӡатәуп, рыхныҟәгага рымхтәуп”, – иҩит Медведев.