Дмитри Медведев иҳәамҭала, украинаа Ҟрым иажәылар, рыҧсра аауеит, раџьал иагоит
Дмитри Медведев иҳәамҭала, украинаа Ҟрым иажәылар, рыҧсра аауеит, раџьал иагоит

Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев ишиҳәаз ала, украинаа Ҟрым иажәылар, рыҧсра аауеит, раџьал иагоит.

Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Медведев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Волгоград аветеранцәа данырҧылоз.

«Ашьаарҵәыратә ақьачақьцәақәак аамҭа-аамҭала аҳәамҭақәа рыла иқәгылоит. Ҟрым ҳажәылоит ҳәа игәаҕьны ҳақәмақарра рҽазыркуеит.  Ари азҵаара иадҳәаланы исҳәар сҭахуп  — дара ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит абри аҩыза аҳәамҭақәа ирхылҵыр иҟало. Дара Ҟрым иажәылар, иаразнакҵәҟьа  рыҧсра аауеит, раџьал иагоит.  Ирласӡаны ихьанҭаӡоу алҵшәа роуеит. Уи аҽацәыхьчара даараӡа ирцәыуадаҩхоит», — иҳәеит Дмитри Медведев.