Диди Диҕоми иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз аҧҳәыси ахәыҷи рҭагылазаашьа цәгьоуп
Диди Диҕоми иҟалаз аҧжәараан аахақәа зауз аҧҳәыси ахәыҷи рҭагылазаашьа цәгьоуп

Аҳақьымцәа рҳәамҭала, Диди Диҕоми иҟалаз аҧжәараан ааха зауз бжьышықәса зхыҵуа ахәыҷы цәгьала дыҟоуп. Иара Иашвили ихьӡ зху аклиника ареанимациатә аҟәша дҭоуп.

Аҧжәараан ааха зауз аҧҳәысгьы Хечинашвили иклиника ареанимациатә аҟәша дҭоуп. Аклиника аҳақьым-реаниматолог Қетеван Таргамаӡе лҳәамҭала, ари аҧҳәысгьы лҭагылазаашьа цәгьоуп.

Қарҭ, Диди Диҕоми араионаҿ аҧжәара ҟалеит. Заанаҵтәи адыррала, аҧжәара аҧсабаратә газ ацәцара иахҟьахеит.