Deutsche Welle – Германтәыла Украина ианаҭоит Асовет Еидгылаҿ иҟаҵоу азениттә ракетақәа
Deutsche Welle – Германтәыла Украина анаҭоит Асовет Еидгылаҿ иҟаҵоу азениттә ракетақәа. Deutsche Welle ари аинформациа аланарҵәеит Германтәыла аиҳабыра рыгәҭа ахатә хыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Ахыҵхырҭа адыррақәа рыла, Германтәыла аиҳабыра 2700 азенит-ракетатә комплексқәа «Стрела» Украина аҭаразы аӡбара рыдыркылеит.
АИХ адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу абџьар Украинаҟа инаргоит Асовет Еидгыла изхылаҧшуаз Мрагыларатә Германтәыла иҟаз ашьҭаҵарҭақәа рҟынтәи.