Давиҭ Залкалиани – Агәра ганы ҳаҟоуп Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьара Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҩ-тәылак хырҳагара шырзаанаго
Давиҭ Залкалиани – Агәра ганы ҳаҟоуп Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьара Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҩ-тәылак хырҳагара шырзаанаго

Америкатә ҭыжьымҭа The Hill  аҿы икьыҧхьуп аҭҵааҩы  Брок Бирман истатиа «Қырҭтәыла Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра ашәҭ».

Астатиа автор зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра ахырҳагара азгәаҭаны, Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании иареи реиҿцәажәара дазааҭгылеит.

«Уажәааны сара Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани сиацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, апотенциал дууп.  Иара иҳәеит: «Қырҭтәылаҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра  Қырҭтәыла анҭыҵгьы иаразнак Америка амч азнарҳауеит, арегион аҿы аибарххара еиҵанатәуеит, аекономикатә ҭышәынтәалара арҕәҕәоит, ҩ-ганктәи ахәаахәҭра арҭбаауеит. Аҭоурых лабҿаба иҳнарбеит аҩ-ганк  еицырзыфеидоу  ахәаахәҭра алҵшәа бзиа шахылҵуа.  Агәра ганы ҳаҟоуп Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьара Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҩ-тәылак хырҳагара шырзаанаго», — иҩит  Брок Берман.

Астатиа автор игәаанагарала, Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи Америка кыраамҭатәи астратегиатә интересқәеи рзы анырра бзиа шамазаауа.