Давиҭ Бақраӡе – Сааҭқәак рышьҭахь еилаҳкаауеит  атәыла аполитикатә кризис иалҵырц азыҳәан аганқәа изакәытә ҭакҧхықәрақәоу рхы иадырҵо
Давиҭ Бақраӡе – Сааҭқәак рышьҭахь еилаҳкаауеит  атәыла аполитикатә кризис иалҵырц азыҳәан аганқәа изакәытә ҭакҧхықәрақәоу рхы иадырҵо

 

Иахьа ахадаратә мшуп. Иахьа еилкаахоит ақырҭуа политикатә класс  атәыла аполитикатә кризис  иалҵратәы иҟарҵар  рылшоу рылымшоу, —  иҳәеит  аполитикатә партиа «Европатәи Қырҭтәыла» алидер Давиҭ Бақраӡе апартиаа алахәылацәеи Кристиан Даниелсони реиҧылара иалагаанӡа.

««Ақырҭуа гәахәтәы» иахьатәи рцәажәашьа сгәаҧхеит, алхрақәа реиҭамҩаҧгара уҳәа,  еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы рпозициа усҟаҟ иџьбарамызт.  Аиҧылара ашьҭахь иаабап уи баша ацәажәара акәу, реалра акомпромисси аконкреттә аиқәшаҳаҭхареи иазхиоу.  Хаҭала, ҳара аконструктивтә диалог ҳазхиоуп, атәыла акризис иалҵыр ҳҭахуп. Сааҭқәак рышьҭахь еилаҳкаауеит  атәылаҿы аполитикатә кризис  иалҵырц азыҳәан  аганқәа изакәытә ҭакҧхықәрақәоу рхы иадырҵо», — иҳәеит Давиҭ Бақраӡе.