Даниа атранспорт аминистр  -  60% еиҳаны ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵеит, асабрадақәа рныҟәгара ҳаҟәыҵыр ҳалшоит
Даниа атранспорт аминистр  -  60% еиҳаны ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵеит, асабрадақәа рныҟәгара ҳаҟәыҵыр ҳалшоит

Даниа ауааҧсыра  60%  авакцина аҩ-дозак аныҟарҵа, атәылаҿы аҵыхәтәантәи аҧкра аҧыхуп, уажәшьҭа ауааҧсыра ауаажәларратә транспорт аҿгьы асабрадақәа ныҟәыргом.

«Ауааҧсыра реиҳара алаҵа ҟарҵеит, ҳара анормалтә ҧсҭазаара ҳазыхынҳәуеит. Асабшазы ауаажәларратә транспорт аҿы асабрадақәа рныҟәгара ҳаҟәыҵуеит», — иҳәеит Даниа атранспорт аминистр  Бенни Энгельбрехт.

Апандемиа ҟалеижьҭеи, Даниа акоронавирус амшала иҧсит  2 555ҩык.