Стокгольми Копенгагени Аҟәырҟан еиҭарблит
Стокгольми Копенгагени Аҟәырҟан еиҭарблит

Стокгольми Копенгагени Аҟәырҟан еиҭарблит.  Reuters адыррала, Аҟәырҟан рблит Даниа иҟоу Саудтәи Аравиа ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа, абри аҩызаҵәҟьа апротесттә акциа мҩаҧган Швециа аҳҭнықалақь аҿгьы, апарламент ахыбра аҧхьа.

Швециа ари акциа еиҿыркааит аммигрантцәа. Аамҭакала, Швециа,  арелигиатә шәҟәқәа рбылра аҿагыларатә демонстрациа мҩаҧган.

Иахьа  57 аҧсылмантә ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа авидеоконференциа мҩаҧганы, скандинавиатәи атәылақәа рҿы Аҟәырҟан абылра афактқәа ишрықәҿырҭша иалацәажәон.

Швециеи Даниеи реиҳабырақәа арелигиатә шәҟәқәа рбылра иқәиҭымызтәуа азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа ирыхәаҧшуеит.