Қырҭтәыла даҭааит  Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр
Қырҭтәыла даҭааит  Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр

Қырҭтәыла даҭааит  Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Ларс Локе Расмуссен.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ  имҩаҧган Даниа актәи адипломат иҧылара ацеремониа, уи рхы аладырхәит  адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭеимураз Џьанџьалиеи Даниа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ната Менабдеи.

«Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит.  Ларса Локе Расмуссе ицуп Даниа абизнес-делегациа, аминистри абизнес-делегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иҧылоит.

Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистри ақырҭуа иколлега Илиа Дарчиашвилии Қырҭтәыла Даниа ацҳаражәҳәарҭа аадыртуеит.

Ларс Локе Расмуссен ампыҵахалатә цәаҳәашҟа днеины, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа ибоит», — иануп аофициалтә информациаҿы.