CNN – Пентагон  Украина ацхрааразы арезерв аҟынтә 4 миллиард адоллар ахархәара азҵаара иахәаҧшуеит
CNN – Пентагон  Украина ацхрааразы арезерв аҟынтә 4 миллиард адоллар ахархәара азҵаара иахәаҧшуеит

Америка атәылахьчара адепартаментаҿ Украина ацхрааразы арезерв аҟынтә 4 миллиард адоллар ахархәара азҵаара иахәаҧшуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.

Аҭыжьымҭа адыррала, атәылахьчара адепартамент, атәыла ахада ирезервтә фондаҿ Украиназы иҵегьы 4 миллиард адоллар амоуп. Уи абзоурала, Пентагон, Америка ашьҭаҵарҭақәа рҟынтә абџьар адәықәҵара алшоит, аха, адепартамент ари абџьар ацынхәрас абџьар ҿыц аахәара алшара амам.  Иара убас, Пентагон изакәызаалак гарантиак амам зыӡбахәы ҳәоу 4 миллиард адоллар инырхыр, Конгресс ари ахарџь аханарҭәаап ҳәа.

CNN  адыррала, ари азҵааразы аҵыхәтәантәи аӡбара макьана ирыдрымкылацт.