Бриуссель амҩақәеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи рҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа рӡыргара мҩаԥысуеит
Бриуссель амҩақәеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи рҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа рӡыргара мҩаԥысуеит

Афестиваль „Европалиа-Қырҭтәыла“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Атуризм азы амилаҭтә администрациа Бриуссель амаркетингтә кампаниа мҩаԥнагоит.

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыдгылара ала, сынтәа, жьҭаар 4 инаркны 2024 шықәса жәабран анҵәамҭанӡа, Бельгиеи уи ааигәара иҟоу атәылақәеи рҿы 60 рҟынӡа зымҽхак ҭбаау ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Акампаниа аҳәаақәа иҭагӡаны, Бриуссель амҩақәеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи рҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа рӡыргара мҩаԥысуеит.

Акампаниа хықәкыса моуп Европа атәылақәа ртәылауаа рыбжьара, Қырҭтәыла иазку адырра аларҵәара, атуристтә аалыҵ адгылара, атәымтә туристцәа рыбжьара аинтерес азырҳара.