Илиа Дарчиашвили Ахәынаӡарақәеи алабҿабареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссиа вице-ахада дылԥылеит
Илиа Дарчиашвили Ахәынаӡарақәеи алабҿабареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссиа вице-ахада дылԥылеит

Бриуссель визитла иҟоу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Ахәынаӡарақәеи алабҿабареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссиа вице-ахада дылԥылеит Вера Иурова.

Аиԥылараҿ ҷыдала иазааҭгылеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесс. Аминистр Еврокомиссиа вице-ахада  Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара амш аусхәаԥштәи ари апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәеи ирызку аинформациа лыдигалеит. Илиа Дарчиашвили ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи имҩаԥгаз ареформақәеи иашьашәалоу ахәшьара аҭаны, атәыла акандидат статус иазкны иашьашәалоу аӡбара рыдыркылоит.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит азакәан аиҳаӡара ахырхарҭала иҟаҵоу ашьаҿақәа.

Аиԥылара ахыркәшараан, аганқәа наҟ-наҟтәи аусеицура анагӡаразы еиқәшаҳаҭхеит.