Абҵара 8 рзы Илиа Дарчиашвили визитла Бриуссель ддәықәлоит
Абҵара 8 рзы Илиа Дарчиашвили визитла Бриуссель ддәықәлоит

2023 шықәса абҵара 8 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили визитла Бриуссель ддәықәлоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр агәылареи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомисср Оливер Варҳеи диԥылоит.

“Аиԥылараҿ аганқәа абҵара 8 рзы ицәыргахо Еврокомиссиа арҭбаара аҳасабырба иазааҭгылоит, иара убас аиԥылараҿ ирыхәаԥшуеит Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазку азҵаарақәеи атәыла Евроеидгыла алаларазы иашьҭанеиуа ашьаҿақәеи”, – ианупҚырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.