Иахьа Бриуссель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит мҩаҧысуеит
Иахьа Бриуссель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит мҩаҧысуеит

Иахьа Бриуссель Евроеидгыла алидерцәа рсаммит мҩаҧысуеит.

Ҩымш инагӡахо асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  алидерцәа Европа ахыхьчаралшара арҕәҕәара иалацәажәоит.  Украина имҩаҧысуа аибашьра атема ахадаратә ҵакы амазаауеит.

Евроеидгыла апресс-релиз ишану ала,  иара убас,  алидерцәа,  Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьеи,  амиграциеи,  ақыҭанхамҩатә сектораҿ иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәоит.

Ишдыру ала,  асаммитаҿ Евроеидгыла арҭбаара аполитикагьы иазааҭгылоит,  лымкаала,  алидерцәа,  Украинеи,  Молдовеи,   Босниа-Герцеговинеи ирылацәажәоит.