Бриуссель аҭыԥ змаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит, Бельгиа аҳҭнықалақь аҿы атерористтә шәарҭа аҩаӡара амаксимум аҟынӡа шьҭыҵит
Бриуссель аҭыԥ змаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит, Бельгиа аҳҭнықалақь аҿы атерористтә шәарҭа аҩаӡара амаксимум аҟынӡа шьҭыҵит

Бельгиа аҭыԥ змаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит. Ари аанацҳаит ВВС.

Ахҭыс аҭыԥ аман Бриуссель.

Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп араб бызшәала ицәажәо ахаҵа Анцәа ихьӡ ала ажәылара шымҩаԥиго. Уи “Аллаҳ акбар” ҳәа иҳәон.

Ажәылара зныԥшуа авидеонҵамҭеи егьырҭ акадрқәеи аполициаҿ ҭырҵаауеит.

Бельгиа аҳҭнықалақь аҿы атерористтә шәарҭа аҩаӡара амаксимум аҟынӡа шьҭыҵит.

ВВС аинформациала, ацәгьоуҩы макьана даанкылам.