Британиа аԥыза-министр иҳәамҭала, иаҭаххар Украинаҟа ар рышьҭра дазыхиоуп
Британиа аԥыза-министр иҳәамҭала, иаҭаххар Украинаҟа ар рышьҭра дазыхиоуп

Британиа аԥыза-министр Кир Стармер иажәақәа рыла, иаҭаххар Украинаҟа ар рышьҭра дазыхиоуп. Ари атәы аанацҳаит Daily Telegraph.

«Иаҭаххар Украинаҟа ар рышьҭра ҳазыхиоуп. Украина ашәарҭадара аиқәыршәараҿы алагала ҳконтинент ашәарҭадареи ари атәыла ашәарҭадара ахьчареи рзы аҵак ду амоуп», – иҳәеит Стармер.

Британиа аԥыза-министр иажәақәа рыла, Британиа Ду Украина ашәарҭадаратә гарантиақәа аус рыдулараҿ ароль хада анагӡара иазыхиоуп. Кир Стармер излаиҳәо ала, 2030 шықәсанӡа Британиа есышықәса х-миллиард фунт стерлинг аҭара иазку аҭакԥхықәра агеит.