Борис Џьонсон иажәақәа рыла Урыстәыла аганахьала Британиа аднакылаз санкциақәак иахьа аргамахоит
Борис Џьонсон иажәақәа рыла Урыстәыла аганахьала Британиа аднакылаз санкциақәак иахьа аргамахоит

Британиа аԥыза-министр Борис Џьонсон иҟиҵаз аҳәамҭала, Владимир Путин Украина зымҽхак ҭбаау ажәылара амҩаԥгара иҭахуп.

Акризисқәа рнапхгараҭара ацентр алахәылацәа рҟны аиԥылара ашьҭахь Џьонсон иҟаиҵаз аҳәамҭала,Урыстәыла аганахьала Британиа аднакылаз санкциақәак иахьа аргамахоит.

“Ҳара зыԥшра ҟамҵакуа жәларбжьаратәи асанкциақәа рпакет алаҳгалоит. Ари асанкциақәа актәи рыхәҭоуп, избан акәзар Урыстәынатә иррационалу ахымҩаԥгашьа нагӡахоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина зымҽхак ҭбаау ажәылара амҩаԥгара иҭахуп. Уи зхы иақәиҭу исуверену аҳәынҭқарра ампыҵахалара иҭахуп, ари икатастрофахоит,” – иҳәеит Британиа аԥыза-министр.