Борис Џьонсон Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит  аҧыза-министрс иалхра
Борис Џьонсон Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит  аҧыза-министрс иалхра

Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит  Қырҭтәыла аҧыза-министрс иалхра.

Аофициалтә адныҳәаларатә шәҟәы аҟны Борис Џьонсон  Қырҭтәылеи Британиеи рпартниорра ҕәҕәа иазгәаҭаны, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.

«Британиа Қырҭтәылаҟны апартниорра ахә ршьоит.  Ҳаҧхьаҟа атәылахьчареи ашәарҭадареи егьырҭ аусхкқәеи рҿы ҳусеицура иаҳа  иҕәҕәахап ҳәа сгәыҕуеит.  Шәареи шәеиҳабыреи Урыстәыла аган аҟынтә ақәыҕәҕәара ҕәҕәала шәаҿагылоуп. Британиа ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, НАТО алалара иазку шәҽазышәареи  иадгылоит», — иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.