Бырзентәыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара ианаркит
Евроеидгыла аднакылаз аӡбара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бырзентәыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа зегьы рзы аҳауатә еимадара анаркит.
Бырзентәыла атәылауаҩратә авиациа агентра адиректива (NOTAM) хымз нагӡахоит, уи амч иахьа аиуит.
Бырзентәыла аҳауатә еимадара анаркит урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы, хазхаҭалатәи аҳаирпланқәа уахь иналаҵаны.