Бырзентәыла иҟалаз аихамҩатә амашәыраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  43ҩык рҟынӡа
Бырзентәыла иҟалаз аихамҩатә амашәыраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  43ҩык рҟынӡа

Бырзентәыла иҟалаз аихамҩатә амашәыраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  43ҩык рҟынӡа. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Атәыла аҧыза-истр Кириакос Мицотакис арыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧ аниба ашьҭахь ишиҳәаз ала, ари арыцҳара  ауаҩы ихароуп.

Астанциа анапхгаҩы даанкылоуп. Аха,  иара ари ахарадҵара дақәшаҳаҭым,  ишиҳәаз ала,  амашәыр ҟалеит атехникатә мзызқәа рымшала.

Абри арыцҳара иадҳәаланы,  Бырзентәыла атранспорт аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Аҩашаз,  хәылбыҽхан,  Бырзентәыла аидаратәи апассаџьыртәи адәыҕбақәа еинҟьеит. Апассаџьыртә адәыҕба актәи 2 вагонк амца рыцралеит. Афинынтә Салоникиҟа идәықәлоз апассаџьыртә адәыҕба иақәтәан 350ҩык,  урҭ реиҳара студентцәан.