"Блумберг" - Ҭырқәтәыла Урыстәылаҟны "ачарыцтә коридор" аҿҳәара ацҵаразы аиҿцәажәара алагеит
Ҭырқәтәыла Урыстәылаҟны “ачарыцтә коридор” аҿҳәара ацҵаразы аиҿцәажәара алагеит, – ари атәы аанацҳаит “Блумберг”. Акьыԥхь аинформациала, Ҭырқәтәыла анапхгара рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, аиқәшаҳаҭрантә Урыстәыла алҵра иахәамԥшыкәа аоптимизм азы ашьаҭа иҟоуп.
“Блумберг” адыррақәа рыла, Сҭамԥыл аҟынӡа инаӡаз аӷбақәа гәарҭоит, аха Украинантә уажәазы аӷбақәа уаҳа дәықәлом.
Урыстәыла ахаҭарнакцәа “ачарыц аԥшьараҿ” иалахәыз 218 аӷбақәа аблокада рзыруит. Украина аинфраструктуратә миминистрра ишаанацҳаз, урҭ рҟынтә арыц ала иҭәу 95 ӷбақәа Украинатәи апортқәа рҟынтә дәықәлахьеит.
Жьҭаара 29 рзы Урыстәыла иҟанаҵаз аҳәамҭала, Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа рганахьала имаԥгаз “атерористтә акт” иахҟьаны, “ачарыц иазку аԥшьагра” иазку аиқәшаҳаҭра иалҵит.