Беларус адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, атәылаҿы  ​​«аконтртеррористтә  операциа» рылаҳәоуп
Беларус адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, атәылаҿы  ​​«аконтртеррористтә  операциа» рылаҳәоуп

Беларус ​​«аконтртеррористтә  операциа» рылаҳәоуп. Беларус адәныҟатәи аусқәа римнистр ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭыжьымҭа «Известиа» аинтервиу аҿы.

Владимир  Макеи иажәақәа рыла, ари аӡбара рыдыркылеит Беларус агәылара иҟоу атәылақәа рҟынтә иҟоу ашәарҭара амшала.

Аконтртеррористтә  операциала иазҧхьагәаҭоуп азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа рзинмчқәа рырҭбаара. Дара адәахьы ауаа аанкыланы рдокументқәа ргәаҭареи, аиҭаҵра аҧкреи рылшоит, иара убас, амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа, азин рымамкәагьы, иарбанызаалак ахыбра иҩналар рылшоит.

Иара убас,  белорустәи АИХ ишаарыцҳаз ала, атәылаҿы  «маӡала арратә мобилизациа мҩаҧысуеит».