Азербаиџьани Шәамахьтәылеи Молдова имҩаҧысраны иҟоу европатәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар ҟалап
Азербаиџьани Шәамахьтәылеи Молдова имҩаҧысраны иҟоу европатәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар ҟалап

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи иааиуа амчыбжь азы Молдова имҩаҧысраны иҟоу европатәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар ҟалап. Ари атәы аалыцаит  Франциа иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Леила Абдулаева.

«Рашәара 1 азы, Кишиниов, аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳақәгәыҕуеит. Уи аҭоурыхтә хҭысхоит, абри аҩыза алшара ҳхы иаҳмырхәар ҟалом», — илҳәеит азербаиџьантәи адипломат.

Молдова имҩаҧысуа европатәи аполитикатә аиҩызара асаммит рхы аладырхәраны иҟоуп  47 аҳәынҭқаррақәеи Евроеидгыла аинститутқәеи. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви зыҩаӡара ҳараку аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит Франциа ахада Еммануел Макрони Германтәыла аканцлер Олаф Шольци рҟны.