Азербаиџьан Шәамахьтәыла ахаранаҵеит аҳәаа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы арбџьармчқәа рпозициақәа реихсра, Ереван ари ахарадҵара мап ацәыркит
Азербаиџьан Шәамахьтәыла ахаранаҵеит аҳәаа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы арбџьармчқәа рпозициақәа реихсра, Ереван ари ахарадҵара мап ацәыркит

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адырра инарқәыршәаны, мшаҧы 30, асааҭ 20:55 рзы аҳәаа иазааигәаны игылоу шәамахьтәылатәи арбџьармчқәа ахҭаларшәду змоу бџьарла азербаиџьантәи ар рпозициақәа иреихсит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, азербаиџьантәи аган зыҧшра ҟамҵакәа иашьашәалоу аҭак ҟарҵеит. Азербаиџьантәи аган аҟынтә иҭахаз аӡәгьы дыҟам.

Ереван ишырҳәаз ала, ари аинформациа ииашам. Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, шәамахьтәыла-азербаиџьантәи аҳәааҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.