Азабастовка мҩаҧызго ашахтиорцәа ишырҳәаз ала, дара Ҷиатура ашахтақәа  рнапаҿы аагара иазҿлымҳам, рыҳәарақәа рынагӡара мацароуп ирҭаху
Азабастовка мҩаҧызго ашахтиорцәа ишырҳәаз ала, дара Ҷиатура ашахтақәа  рнапаҿы аагара иазҿлымҳам, рыҳәарақәа рынагӡара мацароуп ирҭаху

Ҷиатура ашахтиорцәа азабастовка мҩаҧыргоижьҭеит  18 мшы ҵит.

Ашахтиорцәа азакәанҧҵаратә орган аҧхьа итәоуп, дара ишырҳәаз ала, уаха асааҭ 19:00 рзы акциа ду мҩаҧыргоит.

Апротест алахәылацәа иацы  «Џьорџьиан  манганез» анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭа иақәҿырҭит. Аҳәамҭа ишану ала,  аконсенсус наӡа зыҟалар, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра Ҷиатура иҟоу ашахтақәа ашахиорцәа рыҭара иазыхиоуп.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара Ҷиатура ашахтақәа  рнапаҿы аагара иазҿлымҳам,   иқәдыргылаз 14 аҳәарақәа рынагӡара мацароуп ирҭаху. Зыӡбахәы ҳәоу аҳәарақәа иреиуп ашахтиорцәа рџьаусҧса  20% ацҵареи аџьаус ашәарҭадара аиқәыршәареи.

Ашахтиорцәа рҳәамҭала, рыҳәарақәа зегьы нарыгӡаанӡа, дара азабастовқәа иаҟәыҵуам.