Тҟибули арацәаҵхҩцәа азабастовка иалагеит
Тҟибули арацәаҵхҩцәа азабастовка иалагеит

Тҟибули, Миндели ихьӡ зху ашахта арацәаҵхҩцәа азабастовка иалагеит. Урҭ аулафахәы рзаҵырҵарц иаҳәоит.

Азанааҭтәеилдгыла анапхгаҩы Гага Исакаӡе идыррақәа рыла, аусуҩцәа аулафахәы 300 лары рыла разҵырҵарц иаҳәоит.

“Ԥшьымз ҳазыԥшуп аулафахәы ҳзацырҵоит ҳәа. Уаҳа ԥсыхәа ҳамам, апротест ари аформада акгьы ҳзаанымхеит. Ҳулафахәы 500 лари иаҟароуп, аҭаацәаразы ари даара имаҷуп, ахәқәа иазҳа́ит, ҳулафахәы иԥсаххом, ” – иҳәеит арацәаҵхҩы Бесик Сеԥерҭелаӡе.