Аилахәыра  «Борџьоми» аҩ-зауадк русура ааннакылеит
Аилахәыра  «Борџьоми» аҩ-зауадк русура ааннакылеит

 

Ҳзауадқәа русура аанаҳкылеит активистцәа еиҿыркааз апровокациақәа ҳрыцәцарц азыҳәан, — иануп аилахәыра  IDS Borjomi аҳәамҭаҿы.

Аилахәыра анапхгара ишаарыцҳаз ала,  азауадқәа аусура еиҭалагоит азабастовка алахәылацәа азиндаратә акциақәа рымҩаҧгара ианаҟәыҵлак.

«Аилахәыра IDS Borjomi Georgia  ахатә зауадқәа аус рура иазыхиоуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аусзуҩцәа реиҳара аусура нарыгӡон,  дара иахьагьы аусура иалагар рҭахуп. Аха,  азабастовка алахәылацәа рыхәҭак аидаратә машьынақәеи егьырҭ атранспортттә хархәагақәеи закәандарала аблокада рзыруит. Уи ҳусзуҩцәеи,  атранспорттә еилахәырақәа рыҧшәмацәеи,  азабастовка алахәылацәа рхаҭеи рзы шәарҭоуп. Убри аҟынтә,  абри аҩыза азакәандаратә  акциақәа рымҩаҧгара  ианаҟәыҵлак,  зыҧшра ҟамҵакәа аусура ҳаиҭалагоит», — иануп адырраҿы.