Италиа аҳаирбаҕәазақәеи авиаелахәырақәеи русзуҩцәа рзабастовка амшала  1 000 аҟара ареисқәа аҧыхуп
Италиа аҳаирбаҕәазақәеи авиаелахәырақәеи русзуҩцәа рзабастовка амшала  1 000 аҟара ареисқәа аҧыхуп

Италиа аҳаирбаҕәазақәеи авиаелахәырақәеи русзуҩцәа рзабастовка амшала  1 000 аҟара ареисқәа аҧыхуп,  250 000ҩык апассаџьырцәа азарал роуит, – ари аинформациа аланарҵәеит жәларбжьаратәи амедиа.

Азабастовка иалагаз аусзуҩцәа аџьаусҧса ацҵареи аусуратә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи иаҳәоит.

Амедиа адыррақәа рыла, азабастовка мҩаҧысуеит атәыла аҳаирбаҕәазақәа зегьы рҿы.

Рими Винчии ҳаирбаҕәазақәа рҿы  200 раҟара ареисқәа аҧыхуп.  Иара убас,  шәкыла ареисқәа аҧыхуп Милани, Венециеи, Неаполи аҳаирбаҕәазақәа рҿгьы.

Авиаеилахәырақәа мышқәак раҧхьа апассаџьырцәа адырра рырҭеит ареисқәа раҧыхра иазкны.