Чиаҭуратәи ашахта аусуҩцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи апарламент ахыбрантә "Џьорџьиан манганез" аофис ахь ныҟәара мҩаԥыргоит
Чиаҭуратәи ашахта аусуҩцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи апарламент ахыбрантә "Џьорџьиан манганез" аофис ахь ныҟәара мҩаԥыргоит

Чиаҭуратәи ашахта аусуҩцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи апарламент ахыбрантә “Џьорџьиан манганез” аофис ахь ныҟәара мҩаԥыргоит.

Аофис ахь аннеиуа ашьҭахь, урҭ апарламент ахь ихынҳәуеит. Аныҟәара иалагаанӡа, адемонстрантцәа политикатә мчқәа рхь ааԥҳьара ҟарҵеит апарламент аԥхьа аҵакра аанырымкыларц.

Ҷиаҭураҿ ашахтиорцәа рпротест нагӡоит, апротест иалагеижьҭеи 15 мш ҵуеит. Амлашьра аабатә амш азы ашахтиорцәа руаӡәы апротест аҳасабла иблақәа иҭиӡахит. Имлашьуеит жәаҩык ашахтилрцәа. Аҭыԥ аҿы иҟоуп аҳақьымцәа, урҭ ашахтиорцәа ргәабзаира иахылаԥшуеит. Игылаз ашахтиорцәа аулафахәы азҳареи аусуратә график аԥсахреи идҵаны иқәдыргылоит. Аилахәыреи ашахтиорцәеи реиԥыларақәа лҵшәада ихыркәшеит. Амедиациа апроцесс рхы аладырхәоит Агәабзиарахьчара аминистрреи Жәлар рыхьчаҩ иаппарат ахаҭарнацәа.

“Џьорџьиан манганез” аҟынтә ишаарыцҳаз, аилахәыра ԥасатәи аусуратә график азыхынҳәреи, аулафахәы хәнаӡынак ацҵареи, аудит амҩаԥгареи, азеиԥш аилахәыра аԥҵареи рыӡбара аднакылеит.