Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара еснагьтәи ахеилак аилатәараҿы урыстәыла-қырҭтәылатәи еибашьра аус азы Страсбургтәи аӡбара ирыдыркылаз  ақәҵара иалацәажәеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара еснагьтәи ахеилак аилатәараҿы урыстәыла-қырҭтәылатәи еибашьра аус азы Страсбургтәи аӡбара ирыдыркылаз  ақәҵара иалацәажәеит

 

Ақырҭуа аган ринициативала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара еснагьтәи ахеилак аилатәараҿы урыстәыла-қырҭтәылатәи еибашьра аус азы Страсбургтәи аӡбара  ирыдыркылаз ақәҵара иалацәажәеит.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Қеҭеван Цихелашвили ахеилак алахәылацәа аӡбара ақәҵара иазкны аинформациа рылҭеит.

«Аӡбара ақәҵара инақәыршәаны,  Урыстәыла Қырҭтәылатәи арегионқәа  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  импыҵахаланы иамоуп, абарҭ аҵакырадгьылқәа ирхылаҧшуеит», — илҳәеит Қеҭеван Цихелашвили.

Лара лажәақәа рыла, Урыстәыла, ақырҭуаа  ретникатә рыцқьаразы аҭак аҧхықәуп, иара убас, ари атәыла ақырҭуа рыхынҳәра иаҧырхагоуп.

Страсбургтәи аӡбара ақәҵара иахцәажәеит Европатәи Ахеилаки, Канадеи, Америкеи, Украинеи, Британиеи рделегациақәа. Дара даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, иара убас, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит амца аанкылара иазкны 2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра иақәныҟәарц.